Анас Кьышьмариа акадастртә палата аусуразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иахь ааԥхьара лышьҭит
12.11.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра акадастртә палата аусура ииашамкәа ишеиҿкаау атәы ахьаарԥшу ахырхара, насгьы уи иахылҿиаауа ауадаҩрақәа рзы агәҭынчымра аазырԥшуа атәылауаа рҟынтәи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу лусбарҭахь инашьҭу азҵаарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Убри инамаданы, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра зсоу Анас Кьышьмариа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи рахь аҳәамҭа ҟалҵеит.

Аҳәамҭа шәахәаԥшыр шәылшоит абри афаил аҿы:


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра