Анас Кьышьмариа Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәылҵеит абзазаратә ҭахрақәа рзы афымцамч аашьҭразы иаарту аоферта аҭаразы аиқәшаҳаҭра анализ.
18.11.2025

Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу  Аҳәынҭқарра Ахада Бадр Гәынба иахь идәықәылҵеит абзазаратә ҭахрақәа рзы афымцамч аашьҭразы иаарту аоферта аҭаразы аиқәшаҳаҭра анализ, уи ахәаԥшразы, аиқәшаҳаҭра аԥыхразы, мамзаргьы ахархәаҩцәа рзинқәа еилазго аԥҟарақәа рыԥсахразы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аҳәара ҟалҵеит.
Жьҭаарамза 20 рзы, 2025 ш.  Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу А. Р. Кьышьмариа Аԥсны Аԥыза-министр В. В. Делба иахь  иналышьҭыз ахырхараҿы иарбан, РУП  «Амшынеиқәафымцамч» иаԥшьнагаз абзазаратә ҭахрақәа рзы афымцамч аашьҭразы иаарту аофертқәа рзы аиқәшаҳаҭраҿы, ахархәаҩцәа рзинқәа еилазго аҭагылазаашьақәа.
Иарбоу ахырхараҿы иазгәаҭан аиқәшаҳаҭра аԥыхра алшара ахәаԥшра, насгьы РУП “Амшынеиқәафымцамчи” абонентцәеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа анаҩстәи анормақәа шьаҭас измоу аҭышәынтәалара алыршаразы аҳәара ҟалҵеит, урҭ инарықәыршәаны, атәылауаҩратә закәанԥҵарагьы.
Жьҭаарамза 28 рзы, 2025 ш. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат ахь инашьҭуп аилыркаара, Аԥсны аенергетика аминистр Б. В. Мушба иҟынтә, Аԥыза-министр инапынҵала иарбоу ахылаԥшырҭа ари ахырхара иахәаԥшит ҳәа иазгәаҭоуп. Ашәҟәаҿы иарбоуп Ауаажәларратә офертазы Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҭахрақәа ирықәшәо ишеиқәыршәо, уи аҭагылазаашьа ахархәаҩцәа рзинқәа шеиланамго, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра афымцамч азы азакәанԥҵара ишақәныҟәо, иара убас мшаԥымза 7, 2022 шықәсазы иҭыжьыз Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара №39 «Афымцалашара ахархәаразы ахәԥса (атарифқәа) рышьақәыргылареи рхархәареи аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы» аҟынтәи.
Иаашьҭыз аҭак аҿы иалкааз азҵаарақәеи ахархәаҩцәа рзинқәа реилагара иадҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьеи рыӡбара ахьыҟам инамаданы, Азинмчра змоу Аҳәынҭқарратә ажәалагала анализ Аҳәынҭқарра Ахада иахь идәықәылҵеит.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра