Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчра змоу лусбарҭа аҭаацәаратә еизыҟазаашьақәеи ахәыҷқәа разҿлымҳарақәеи рыхьчара иазкны аус зуа азакәанԥҵара аиҭакрақәа ралагаларазы Апарламент ахь апроект рышьҭит
28.11.2025

Абҵарамза 25, 2025 шықәсазы  Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу аусбарҭа  "Аҭаацәаратә (аҩнтәи) еизыҟазаашьақәеи ахәыҷқәа ринтересқәеи рыхьчара ахырхарҭала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәа рҿы аиҭакрақәа ралагаларазы" ҳәа ахьӡ змоу азакәан апроект Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахь идәықәнаҵеит.
Иарбоу азакәан апроект аиқәыршәара ҵаҵӷәыс иамоу рацәоуп.
Актәи – рыцҳарас иҟалаз, аҭаацәаратә (абзазаратә) еизыҟазаашьақәа рганахь ала ақәымчра апроблема, адунеи егьырҭ атәылақәа реиԥш Аԥсныгьы актуалра аманы иҟоуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи Рминистрра аҳәынҭқарратә усбарҭа астатистика инақәыршәаны, “Ахәҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә дгылара амаҵзура” 2017 шықәса лаҵарамза инаркны рашәарамзанӡа, Амаҵзура иазгәанаҭеит аҭаацәаратә (абзазаратә) еизыҟазаашьақәа рганахьала 373 ақәымчра шыҟаз, иара убас  Амаҵзура излаҳнарбо ала, иарбоу астатистика ареспублика аганахьала инагӡаны иаарԥшым – ари апроблема иамоуп иҵәаху (латинентла) аҟазшьа.
Аԥсны аҳәса Рассоциациа аҟынтәи астатистика излаанацҳауа ала, 2020 инаркны 2025 рҟынӡа 1114 ҩык аҩнытә қәымчра иақәшәеит, мамзаргьы рхала зыӡбара рылымшоз аҭаацәаратә проблемақәа ирықәшәеит.
Иарбоу азакәан апроект аус адулара аҩбатәи амзыз – хазы иҟоу Азакәан аҟамзаара ауп, уи адкылара ахымԥадатәра азҵаара изныкымкәа ауаажәларра рыҩныҵҟа аҭыԥ аиухьеит. Уи адагьы, 2020 шықәсазы ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аппарат еиқәнаршәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект «Аҭаацәаратә-бзазаратә қәымчра аҟынтә ахьчара» апарламент ахь идәықәҵан. Аха иахьазы иарбоу азакәан апроект ахәаԥшра зегьы ирыцкуп,  Жәлар Реизараҿы ари азҵаара аганахьала егьырҭ азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәагьы ыҟам.
Аԥсны азакәанԥҵараҿы иҟам иалкаау, аконкреттә ԥҟарақәа, аҭаацәараҿы ақәымчра апрофилактика, уи аҿагылара иазку, ауаа ареабилитациа иахьахысша, иара убас аҭаацәараҿы ақәымчра аазырԥшуа рхымҩаԥгашьа аиӷьтәреи, урҭ рысоциалтә еиқәыршәареи алшара. Убри инамаданы, ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иусбарҭа иҟоу азакәанқәа хықәкыла аиҭакрақәа ралагаларазы аӡбара аднакылт.

Азакәан апроект аҿы иарбоу аҭагылазаашьақәа реиӷьтәра иазынархоу абарҭ аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит:
1. Ашьаустә Закәанԥҵара ахәҭақәа рҟны аквалификациатә элемент ҿыц  ацҵара – «аҭаацәаратәи аҩнтәи еизыҟазаашьақәа рҿы аусқәа рынагӡара».
2. “Аҭаацәара-бзазаратә еизыҟазаашьақәа рзы” ҳәа хыс измоу административтә закәанеилагарақәеи Ашьаустә Закәанеидкыла азинеилагарақәеи ралагалара;
3. Ацәгьауратә закәанԥҵараҿы, насгьы административтә еилагарақәа рзы азакәанԥҵараҿы аҭаацәаратәи аҩнтәи еизыҟазаашьақәа рҿы ацәгьаурақәа ҟазҵо ауаа рзы мчылатәи ацәгьауратә, административтә уснагӡатәқәа рышьақәыргылара.
4. Ааха змоу реиныршәаразы иацҵоу аҭагылазаашьа аԥҵара – аҭаацәаратәи аҩнтәи еизыҟазаашьақәа рҿы ацәгьоурақәа ҟазҵо ауаа рзы ариашаратә программа алагалара, урҭ ацәгьоурақәа ааха маҷқәеи ибжьаратәу аахақәеи ркатегориақәа ирыҵанакуазар.

5. Ацәгьаурақәа реиҭагара (иԥсыҽу ааха агәабзиара аҭара, мамзаргьы рыпҟара), ауаажәларратә цәгьаурақәа ҳәа рыхәаԥшра, урҭ рзы ааха зауз ачҳара ҟамҵакәагьы ашьауӷа ақәҵара азин ыҟоуп.
6. Аизааигәахаразы зинда азнеира иазку аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара.
7. Аҩнтәи еиҿкаарада ахымҩаԥгашьа административтә еилагара алагалара, иара убас ахьчаратә дҵа аҭара иадҳәалоу административтә-зинтә уснагӡатә, насгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә еилагарақәа рзы Азакәанеидкылаҿы егьырҭ аиҭакрақәа жәпакы ралагалара.
Зыӡбахә ҳәоу азҵаара аспецифика инагӡаны аӡбареи уи хра злоу анагӡареи рзы, ари азакәан апроект Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хадеи, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи, асоциалтә Маҵзуреи рахь инагахеит.
Ҳара агәыӷра ҳамоуп, азакәан апроекти уи азы иҳауз азгәаҭақәеи ажәалагалақәеи аринахысгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аконструктивра злоу аилацәажәара азҵаараны иҟалоит ҳәа.

Ари азакәан апроект зегьы шәаԥхьар шәылшоит, насгьы уи аилыркааратә напынҵамҭа иацҵоу афаил аҿы.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра