Анас Кьышьмариа Аԥсны Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура анаԥхгаҩы Саид Ҵынариа диԥылеит.
15.12.2025

Ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 15 рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаҩытәыҩса
изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу Анас Кьышьмариа Аԥсны
Аҳәынҭқарра амиграциатә маҵзура анаԥхгаҩы Саид Ҵынариа
диԥылеит.
Аилатәара алахәылацәа ихадоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара
убасгьы азинмчра змоу лусбарҭеи амиграциатә маҵзуреи реимадара
аспектқәа ртәы рҳәеит. Анас Кьышьмариа инаҵшьны иазгәалҭеит
атәылауааи атуристцәеи рымацара ракәымкәа, ҳтәылаҿы аус зуа
амигрантцәагьы аԥҟарақәа ирықәымныҟәар шыҟамло атәы. Саид
Ҵынариа, иара иганахьала, амаҵзура аусура аганқәа жәпакы,
еицырзеиԥшу апланқәа дырзааҭгылеит, урҭ рынагӡара амигрантцәеи
Аԥсны иҟоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи анаплакыҩцәеи рыбжьара
аизыҟазаашьақәа рырманшәалареи рхаҭабзиара аиӷьтәреи ирызкуп ҳәа
иазгәаиҭеит. Аиԥылара ашьҭахь, алахәылацәа еиқәшаҳаҭхеит
рмаҵзурақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭреи аусеицуреи, адыррақәа
реимдареи, ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбареи рзы аусмҩаԥгатәқәа.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра