III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа «ауаҩы изинқәеи ихьыԥшымреи ирызку аидеиақәа рхылҵшьҭреи рыҿиареи»
10.12.2025

Ԥхынҷкәынмза 10 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит "Ауаҩ изинқәеи
ихьыԥшымреи ирызку аидеиақәа рхылҵшьҭреи рыҿиареи" ҳәа хьӡыс измаз
Ахԥатәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференции.
Сынтәатәи аконференциа акыр зҵазкуа атема "Ауаҩы изинқәеи ашьауӷатә
системеи: ахара здырҵаз рыриашареи рсоциализациеи рызҵаарақәа" ирызкын.

Аусмҩаԥгатә еизнагеит иналукааша аспециалистцәа, аҵарауаа, апрактикцәа,
аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа абахҭақәа рҿы ауаҩы изинқәа
рықәныҟәара аспект хадақәа рылацәажәаразы, насгьы ахара здырҵаз рыриашареи
ауаажәларра қәҿиарала рылагареи рзы хра злоу амҩақәа рыԥшааразы.
Аконференциа аалыртит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы
азинмчра змоу Анас Кьышьмариа. Иара убас, адныҳәаларатә ажәахә ҟарҵеит
Мордовиатәи Ареспубликеи Архангельск аобласти рҟны ауаҩы изинқәа
рыхьчаразы азинмчра змоу, Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы
ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азинмчра змоу иусбарҭа аинспекциа аиҳабы
ихаҭыԥуаҩ.
Апленартә еилатәараҿы Москватәи Ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы азинмчра
змоу Т.А.Потиаева «Москватәи абахҭақәа рҟынтәи иҭрыжьыз атәылауааи
аҭакԥхықәра зду ауааи рсоциализациаҿы ацхыраара» ҳәа хьӡыс измоу
аҳасабырбақәа ҟалҵеит. Ҟырӷызсҭантәи Аҳәынҭқарра Аомбудсман иусбарҭа
ахаҭарнак Е.Н.Мусаева Ҟырӷызсҭантәи Аҳәынҭқарра азакәанқәа рыла зықәра
намӡац ауааи абахҭа иҭаку аҳәсеи рыриашареи рсоциализациеи далацәажәеит.
III Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә-практикатә конференциа "Ауаҩ изинқәеи
ихьыԥшымреи ирызку аидеиақәа рхылҵшьҭреи рыҿиареи" ахықәкы хадас иамоуп
иреиӷьу аԥышәақәа реимдара, астратегиа ҿыцқәа рызҿлымҳара, ауаҩы изинқәа
рыхьчара аганахьала жәларбжьаратәи аусеицура арӷәӷәара, ашьауӷатә система
аиӷьтәразы аплатформа аиҿкаара.


Шьҭахьҟа


Азыҳәа анашьҭра